• Аҧсуа бызшәа аиқәырхара ҳашьҭазар иҟаҵатәу Уажә ҳаазқәылаз аамҭазы аҧсуаа реиҳараҩык изларҳәо ала, аҧсшәа Ҧсоунӡа унанагаргьы, Егрынӡа унанагом; аҧсшәа ахьухәо ҳәа акы ыҟам; аҧсшәа адырра уџьаҧса иацнаҵом; уаҧсыуа еиҭагаҩны уҟазаргьы, удырра ахьаҭаху, уалафахәык ахьуоуа ҳәа усурҭак уоуӡом. Нас аҧсшәа аҭагылазаашьа абас иҟазар, аҧсышәада Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала излаҟазаауеи? Аҧсни аҧсуа жәлари ыҟоуп аҧсшәа аҧсы ҭанаҵы. Иахьазы аҧсшәа абас гәымбылџьбарала иазныҟәаз зегьы, аҳәынҭқарра Аҳабза́ (Азакәан) хада лажәхарҧа азызуз ачынуаа зегьы еиҳәҭаххаа иҭактәуп. Аха уи аӡәгьы ишыҟаимҵо здыруеит. Аҧсны алаҭхаџьреи аҧсшәа амш алагареи ааигәа-сигәа иаҟәыҵраны иҟам. Ус иагьа иҟазаргьы, сара ишәыҵасҳәоит аҧсышәала аҩра аҧсуаа иргәаҧхартә еиҧш иҟаҵатәу. Иаҭахуп Дзен ҳәа захьӡу, аблогерцәа ирызку асаит аҟны аҧсуа канал аартра. Уи аканал аҧҵара сара изгоит схахьы. Аканал иамазароуп аҧаратә фонд. Аҧсны аҩныҵҟа аус зуа акомпаниақәеи анаплакыҩцәеи уи афонд иаларгалароуп есымза дасу ирылшо аҧара. Акомпаниақәа есымза иаларгалалааит хәба-хәба нызқь мааҭ аҧара (уи рылымшо иҟаӡам), анаплакыҩцәа ‒ зқьы-зықь мааҭ аҧара есымза. Аҧсшәа здыруа аҧсуа имазароуп алшара иидыруа аҧсшәа ихы иархәаны аҧара арҳара. Аҧсуаа Дзентәи аҧсуа аканал азы ирыҩуа акьыҧхьымҭақәа ауаа игәцаракны изыҧхьаша нҵамҭазароуп. Уи аҧхьара угәаҧхо иҟазароуп. Урҭ анҵамҭақәа аредақтортә рҽеира аҭахны иҟазар, сара сыҟоуп, исырҽеиуеит. Аканал акьыҧхьымҭақәа рнаҩс иҭаугалар ҟалоит аҧсышәала иҭаҩу ахатә видеонҵамҭақәеи. Акьыҧхьымҭақәеи авидеонҵамҭақәеи аканал иҭазгало зегьы ироулоит ахьхьа-хьхьаҳәа абжьы зхылҵуа аҧара. Абри ада ҧсыхәа амам ҳәа сгәы иаанагоит аҧсшәа аиқәырхара. Аҧсышәала аҩреи ацәажәареи ахашәыла ацзароуп. Аҧсуаа рахьтә аусурҭа змам рацәаӡоуп, измоугьы иоуа даара имаҷуп. Ари апроеқт аҩра злоу аҧара днырҳауеит, аҧсшәа акәзаргьы, аҭагылазаашьа бзиахоит. Дзентәи аҧсуа канал анҵамҭақәа аинтернет иахыҵәо иҟалоит. Ари аҧшьгамҭа ауаа иргәамҧхар ауам. Уи ишахәҭоу еиҧш ишыҟало агәра шәсыргоит. Мап анакәха, ҳаҧсшәа еиқәзырхо ҳәа акгьы збом.

Теги других блогов: аҧсуа ҳашьҭазар аҧсны